Ҧхынҷкәынмза 29 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Апарламент ашҟа идҵаалеит гәыҧҩык атәылауаа адепутатцәа рҧыларазы Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны ацәгьоура бааҧсқәа ҟазҵаз, 20 шықәса зықәҵаны иҭакыз Георги Лукава ақырҭуа ган иаҭара азҵаара инадҳәаланы.
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы аилак аҟны имҩаҧысит иазгәаҭоу атәылауаа рҧылара, урҭ агәынамӡара аадырҧшит Георги Лукава ақырҭуа ган иаҭара азҵаара инамаданы аинформациа аҟамзааразы.
Аилак иалахәу ирыӡбеит апарламенттә ҭҵаара мҩаҧганы, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны ацәгьоура бааҧсы ҟазҵаз Лукава ақырҭуа ган иаҭашьас иҟаҵаз аҭҵаара иазку азҵаара иахәаҧшырц.
Апарламенттә ҭҵаара мҩаҧгахоит хара имгакәа, уи алҵшәақәагьы Аҧсны Аҳәынҭқарра ауаажәларра рҟынӡа иагьнагахоит.