НОВОСТИ

Кәарҷиа Валери Валентина Матвиенкои Виачеслав Володини Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит
05.01.2018
Поделиться в соцсетях:

Кәарҷиа Валери Валентина Матвиенкои Виачеслав Володини Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит

Ашықәс ҿыц аламҭалазы Аҧсны жәлар Реизара Аиҳабы Кәарҷиа Валери Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара анапхгара ашҟа адныҳәаларақәа ишьҭит.

Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенкои Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини Кәарҷиа Валери ирзынаирхаз адныҳәаларақәа рыҟны иааирҧшит Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилаки,Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думеи русеицуразы иазҧхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа рылҵшәақәа еиҳагьы иубартә ишыҟало азы имоу агәрагара.

Валентина Матвиенкои, Виачеслав Володини Кәарҷиа Валери ихы нарықәкны иҳәеит: «Гәык-ҧсыкала иҳабжьоу аиҩызаареи аилибакаареи – акыр шықәса раахыс ҳабжьара ишьақәгылаз акрызҵазкуа акоуп, урҭ аҧхьаҟагьы ирыцаҳҵар ҳҭахуп. Ҳазҭало 2018 –тәи ашықәс алшара ҿыцқәа ҳзаанартуеит апарламентбжьаратә еизыҟазаашьақәа рыҟны».

Кәарҷиа Валери Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәеи, Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилаки алахәцәеи, урыстәылатәи ажәлар зегьи ирзеиҕьеишьеит агәабзиара, агәамч, анасыҧ, аихьӡара бзиақәа.

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Кәарҷиа Валери иара убас иааиуа аныҳәа рыдиныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Амчнаӡазмоуи Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев, насгьы Урыстәыла арегионқәа жәпакы рзакәанҧҵаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа.