НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Кәарҷиа Валери аҳәаанырцәтәи атәылақәа рпарламентқәа рнапхгаҩцәа  ирыдиныҳәалеит иааиуа 2018 –тәи Ашықәс ҿыц.
29.12.2017
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Кәарҷиа Валери аҳәаанырцәтәи атәылақәа рпарламентқәа рнапхгаҩцәа ирыдиныҳәалеит иааиуа 2018 –тәи Ашықәс ҿыц.

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Кәарҷиа Валери аҳәаанырцәтәи атәылақәа рпарламентқәа рнапхгаҩцәа ирыдиныҳәалеит иааиуа 2018 –тәи Ашықәс ҿыц.

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала уи Аиҳабы Кәарҷиа Валери адныҳәаларақәа ишьҭит Ареспублика Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа Ахантәаҩы Густав Едуардо Поррас Кортес, Ареспублика Вануату Апрламент Аиҳабы Есмон Саимон, Ареспублика Науру Апарламент Аиҳабы Сирил Бураман, Тувалу Апарламент Аиҳабы Отиниел Таутелеимала Тауси рышҟа.

Кәарҷиа Валери иколлегацәа ихы рықәкны, ирыдиныҳәалеит ҳазҭало 2018 –тәи ашықәс, ирзеиҕьеишьеит рнапы зларкуа аус ҿыцқәа зегьы рыҟны аихьӡарақәа, агәабзиара, аилибакаара, ақәҿиарақәа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Апрламент Аиҳабы арҭ аҳәынҭқаррақәа рпарламентарицәеи урҭ рыжәларқәеи ирыдикылеит аныҳәатә гәалаҟазаара, аманшәалара, анасыҧ.