НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аҿы  имҩаҧысит анаркотикатә хархәагақәеи аҧсихотроптә маҭәашьарқәеи изакәанымкәа реикәыршаразы иҟоу аҭагылазаашьа агәаҭара иазку Акомиссиа аилатәара.
24.01.2018
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аҿы имҩаҧысит анаркотикатә хархәагақәеи аҧсихотроптә маҭәашьарқәеи изакәанымкәа реикәыршаразы иҟоу аҭагылазаашьа агәаҭара иазку Акомиссиа аилатәара.

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аҿы имҩаҧысит анаркотикатә хархәагақәеи аҧсихотроптә маҭәашьарқәеи изакәанымкәа реикәыршаразы иҟоу аҭагылазаашьа агәаҭара иазку Акомиссиа аилатәара. Ара ажәалагала ҟаҵан абри азинеилагарақәа рзы ахара адҵара арҕәҕәара.

Апарламенттә Комиссиа Ахантәаҩы Дырмит Дбар иҳәеит Аҧсны Ашьауҕатә закәанеидкыла ахәҭа 1 224 ахәҭаҷ— аҧсны Аҳәынҭқарра изакәанымкәа алагалара, аҧсны Аҳәынҭқарра алгара мамзаргьы анаркотикатә, аҧсихотроптә, даҽа хархәагақәак ма урҭ ирзааигәоу ишазку имҩаҧысуа ахцәажәара.

Ас еиҧш иҟоу ацәгьоурақәа рзы ацәгьоуцәа ахьырхәлатәуп 15 шықәса инадыркны 20 шықәса рҟынӡа аҭакра аҿҳәара рыҭаны, иалкаау амаҵурақәа раанкылареи иалкаау усурақәак рымҩаҧгареи азин рымхны, 10 инадыркны 25 нызықь џьаҧса ашәагаа аҟынӡа ахараҧса рыдҵаны, ма рыҧсы ҭанаҵы рхы рақәиҭымзаара.

Иара убас ажалагала ҟаҵан «Анаркотикатәии аҧсихотроптәи маҭәашьарқәа зыдкыланы атранспорттә хархәагақәа ныҟәызцо» рзы ахәҭаҷ 119 аҧсахрақәа ралагалара абри азинеилагаразы ахарҧса ашьҭыхра 12 нызқь инадыркны 60-120 нызқь мааҭ рҟынӡа ашьҭыхра, иара убас административтә ҭакра иқәҵара 30 мшы ҿҳәарас ирыҭаны, аҩынтәтәи азинеилагараан - 60 мшы ҳәа. Ахәҭаҷ 261, ахәҭа 1 «Административтә хара зыдҵоу ахаҿы амҩа аҧҟарақәа реилагара», ҧсахзааит аҧаратә хараҧса 1 инаркны 2 нызқь иреиҵаӡоу уалафахәы рҟынӡа ацҵара хықәкыс иаҭаны.

"Ҳара аҧсихотроптә маҭәашьарқәа рыҭиразы ахарадҵара рырҕәҕәара рыдаҳгалар ҳҭахуп, ашьаустә ҭакҧхықәра адҵара аҟынӡа. Уи иаанаго ззин ыҟам амаҭәашьарқәа рецептда, ихәыҵакны мамзаргьы иааганы аҭиреи рзы ", — иҳәеит апарламенттә комиссиа ахантәаҩы.

Аҧсахрақәа ралагалара аҭахны иҟалеит амҩа-тарнаспорттә машәырқәа рхыҧхьаӡара есааира иахьацло азы, иҳәеит Дырмит Дбар.