НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа АУЕ «Москватәи Аҧсуа Диаспора» анапхгара Ахантәаҩы Беслан Агрба иара убас адиаспора ахаҭарнакцәа зегьы ирыдиныҳәалеит Москватәи аҧсуа диаспора аиҿкаара аҧҵеижьҭеи 60-шықәса аҵра
23.03.2018
Поделиться в соцсетях:

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

“Ҳаҭыр зқәу Беслан Родион-иҧа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит, Москватәи аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа зегьы еидызкыло аиҿкаара аҧҵеижьҭеи 60-шықәса аҵра! Жәашықәсала ашьақәгылара иаҿыз аҧсуа диаспора аҭоурых аҿы акрызҵазкуа ари ахҭыс ибзианы ианыҧшуеит уи амилаҭтә, апатриоттә усура, Аҧсадгьыл абзиабара. Иҳаҩсыз ашықәс азы Москватәи аҧсуа диаспора ахьӡ, ахыҧша бзиа рылаҵәеит Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь еиҧш, уи арегионқәа акыр рыҟны. Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны ахә ҳаракны иршьоит Москватәи аҧсуа диаспора ганрацәалатәи аусура.

Москва ақалақь аҟны аҧсуа уаажәларра реидкылара алыршахеит иара акәша-мыкәша зхәышҭаарақәа рҟәыгара злахьынҵахаз аҧсуаа реизгарала, аҧсуа бызшәа, аҧсуа ҵас, акультура реиқәырхаразы имҩаҧнаго аусурала. Москватәи аҧсуа диаспора есқьынгьы ҳаҧсадгьыл Аҧсны ацхыраара, адгылара, аусеицура ахьаҭахыз иҟан.

1992 – 1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Москватәи аҧсуа диаспора аҧсуа жәлар иргаз аиааираҟны алагаламҭа дууп. Иалшаз маҷӡам аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рызгьы усҟан Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿаҧхьа иқәгылаз аекономикатәи, агуманитартәи проблемақәа рыӡбараҿы. Иазгәаҭатәуп, Москватәи аҧсуа диаспора аусураҟны иахьа иамоу аихьӡарақәа, аҿаҧхьа иқәгылоу ахықәкқәа рынагӡараҿы Анапхгара инанагӡо ароль, Аҧсны Аҳәынҭқарреиҧш, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аус рыцураҿы инанагӡо ароль. Москватәи аҧсуа диаспора аусура ду мҩаҧнагоит ҿыц игыло абиҧарақәа рааӡараҿы, зҿлымҳара рырҭоит Урыстәыла аҵара зҵо аҿар, активла ирылахәуп Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи иеицымҩаҧырго апроектқәа.

Москватәи аҧсуа диаспора аусура ахырхарҭақәа ируакуп иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара, Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара.

Ҳаҭыр зқәу Беслан Родион-иҧа, иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Москватәи аҧсуа диаспора 60-тәи аиубилеитә еиҧыларахь исышәҭаз ааҧхьаразы, сусураҿы сеилахара иахҟьаны ари аусмҩаҧгатә аҽалархәра ахьсылымшо сгәы ишалоу шәасҳәарцгьы сҭахуп. Агәра ганы сыҟоуп, аиҧылара қәҿиарала ишымҩаҧысуа, аиубилеи иалахәхо зегьы ишәзеиҕьасшьоит аихьӡара ҿыцқәа, аринахысгьы ҳаҧсадгьыл - Аҧсны ахьыҧшымра арҕәҕәара ахьӡала, астратегиатә ҩызара ҳзызуа Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи русеицура аихаҳара иазку аус бзиақәа рхацыркра”.