НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адышшылара ҟанаҵоит Кемеров иҟалаз абылра ду инамаданы
29.03.2018
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адышшылара ҟанаҵоит Кемеров иҟалаз абылра ду инамаданы

Хәажәкырамза 25 рзы ахәаахәҭратә центр аҟны иҟалаз арыцҳара инамаданы Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара анапхгара ахьӡала адышшылара дәықәиҵеит.

Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенкои Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини рыхьӡала идәықәҵаз адышшыларатә шәҟәқәа рыҟны, ҷыдала, иҳәоуп: «Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәалсрыла сшәыдышшылоит хәажәкырамза 25 рзы ахәаахәҭратә центр аҟны иҟалаз абылра ду инамаданы.

Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа иҟалаз арыцҳара ргәы ҭанарӡыӡеит, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи рхьаа, ргәырҩа рыцеиҩыршоит.

Агәаҟра иақәшәаз хаҭала ирзеиҕьаҳшьоит ачҳара, ахаҵара, ааха зауыз – агәабзиара». Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа иара убас Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа иаҭааит, уи аусзуҩцәеи дареи реиҧылараҟны Кемерово иҟалаз арыцҳара инамаданы гәалсрыла ирыдышшылеит.