НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валентина Матвиенко лымшира лыдиныҳәалеит
07.04.2018
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валентина Матвиенко лымшира лыдиныҳәалеит

Мшаҧымза 7 рзы Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа Валентина Матвиенко лымшира лыдиныҳәалеит .

Адныҳәаларҟны иҳәоуп:

“Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иҧҳа! Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала, хаҭала сара ишәыдысныҳәалоит Шәымшира!

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Ахеилак Ахантәаҩы имаҵураҟны имҩаҧыжәго лыҵшәазмоу аусуреи ишәымоу аполитикатә ҧышәа дуӡӡеи ирыбзоуроуп урыстәылатәи ауаажәларра рыҩныҵҟеи жәларбжьаратәи аренаҟни иаҧсаны ишәымоу аҳаҭыр.

Ҳара агәра ҳгоит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи аусеицуреи рыҟны шәлагаламҭа, иара убас ҳпарламентбжьаратә диалог иашәҭо адгылара аҧхьаҟагьы иеиуеиҧшым аусхкқәа рыҟны ҳҳәынҭқаррақәа русеицура арҕәҕәара ишацхраауа. Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иҧҳа!

Гәык-ҧсыкала ишәеиҕьаҳшьоит аихьӡарақәа Урыстәыла аизҳазыҕьара иазку шәусураҿы, шәхатә ҧсҭазаараҿы анасыҧ”.