<p>Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа рделегациа иахьа иалта зусура иалагаз Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа ХХVIII Аконференциа иалахәуп.
<p>Баҭал Тапаҕәуа напхгара зиҭо Аҧсны Жәлар Реизара аделегациа аилазаараҟны иҟоуп Гиви Кәарҷиа, Асҭамыр Ҭарба.
<p>Аконференциа ҩымш ицоит. Крымтәи апарламент хантәаҩра азиуеит – Крым Аҳәынҭқарратә Хеилак Ахантәаҩы Владимир Константинов.
<p>Мшаҧымза 12 рзы иазҧхьагәаҭоуп Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациақәа Реилакқәа реилатәарақәа рымҩаҧгара, урҭ ирылахәуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Апарламент аделегациа иалоугьы. Арҭ аилатәарақәа рыҟны азакәанрҿиаҩцәа уаанӡа амш азҵаара иадгалаз азҵаарақәагьы ирыхәаҧшраны иҟоуп.
Мшаҧымза 13 рзы имҩаҧысуеит Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациақәа ХXVIII Рконференциақәа рыпленартә еилатәарақәа. Аконференциаан ирылацәажәараны иҟоуп апарламентарицәа иҟарҵаз ажәалагалақәа, урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟоуп атуристтәи агәабзиарачаҧара-курорттә комплекси рырҿиаразы иақәнагоу абжьгарақәа разырхиарагьы убрахь иналаҵаны.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

12.04.2018
Поделиться в соцсетях: