Мшаҧымза 13 рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Кәарҷиа Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски Имшира идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Шәара аҧышәа змоу аполитики аҳәынҭқарратә усзуҩи, Приднестровиа апатриот иашеи раҳасабала шәырдыруеит, шәџьынџьуаа рыҩныҵҟа ҳаҭыр зқәырҵо анапхгаҩы бзиа ихьӡ шәхуп.
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада имаҵураҟны шәыҟанаҵы Шәара ишәылшаз маҷӡам ҳтәылақәа рыжәларқәа рыбжьара ҭоурыхла ишьақәгылаз аимадарақәеи аҵасқәеи рырҿиаразы. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аҧсны Жәлар Реизареи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Ахеилаки русеицура арҕәҕәара аус иашәҭо адгылара».