НОВОСТИ

Актәи аҧхьараан ирыдкылоуп «Ахшарацәа змоу аҭаацәарақәа асоциалтә дгылара рыҭара иазку ауснагӡатәқәа рзы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан
04.05.2018
Поделиться в соцсетях:

Актәи аҧхьараан ирыдкылоуп «Ахшарацәа змоу аҭаацәарақәа асоциалтә дгылара рыҭара иазку ауснагӡатәқәа рзы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан

<p>Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа изаамҭанытәиу аилатәараҟны актәи аҧхьараан ирыдыркылеит «Ахшарацәа змоу аҭаацәарақәа асоциалтә дгылара рыҭара иазку ауснагӡатәқәа рзы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан. Ари азакәанапроект цәыригеит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографеии, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи рзыАилак ахантәаҩы Алхас Џьыныџьал.  

<p>Ари Азакәан ахшарацәа змоу аҭаацәарақәа асоциалтә цхыраара рыҭара иазку ауснагӡатәқәа рсистема шьақәнаргылоит Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы адемографиатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра, ааӡара бзиа амҩаҧгаразы, ахшарарацәа ахьыҟоу аҭаацәарақәа рҿы ахәыҷқәа рырҿиареи аҵара дырҵареи хықәкыс иҟаҵаны.
<p>Актәи аҧхьараан ирыдыркылаз азакәанапроект инақәыршәаны ахшарацәа змоу ҭаацәараны иазхаҵахоит хҩыки урҭ инареиҳани ахәыҷқәа ахьыҟоу жәаа шықәса рхыҵаанӡа  (23 шықәса рҟынӡа абжьаратә иҷыдоуи иреиҳаӡоуи аҵараиурҭақәа аҵара рҵозар). Иара аҧҟара аҵанакуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра иааиҧмырҟьаӡакәа иқәынхо Аҧсны атәылауаа рахьтә ахшарарацәа змоу аҭаацәарақәа.  

<p>Азакәанапроект инақәыршәаны, ахшарацәа змоу аҭаацәарақәа асоциалтә дгылара рыҭара иазку ауснагӡатәқәа раҳасабала рыҭразы ирыдгалахоит абарҭ азинқәеи альготақәеи:

<p>1) хәыҷыцыҧхьаӡа есымза аҳәынҭқарратә цхыраара рыҭара Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара ишьақәнаргылаз ашәагааи аҧҟарақәеи рыла;
<p>2) раҧхьа иргыланы ахәыҷқәа амуниципалтә школнӡатәи аҵараиуратә усбарҭақәа рахь рыдкылара иахьынхо аҭыҧ ала, иарбоу аусбарҭақәа рыҟны ахәыҷқәа рныҟәгаразы ашәатәы азы 50% иеиҵатәны;
<p>3) абжьаратә ҵараиурҭақәа рыҟны аҵара зҵо ахәыҷқәа хәыда-ҧсада ҳазҭоу аҵарашықәс азы 2019 шықәса цәыббрамза 1 инаркны рҵага шәҟәыла реиқәыршәара аҵараиура аусхк аҟны аҳәынҭқарратә напхагараҭаратә усбарҭа хада ишьақәнаргылаз аҧҟара инақәыршәаны;
<p>4) ахашарарацәа змоу аҭаацәарақәа аусурҭала реиқәыршәараҟны ацхыраара рыҭара асоциалтә маҵзура аусхк аҟны аҳәынҭқарратә напхагараҭаратә усбарҭа хада ишьақәнаргылаз аҧҟара инақәыршәаны;
<p>5) акоммуналтә маҵзурақәа рхархәаразы ишьақәыргылоу ашәатәы азы 50-процент ирзеиҵатәра (аӡы, афымцамч рхархәаразы);   6 –ҩык ма инареиҳаны ахшара змоу ашәатәы рықәхра;
<p>6) ахәыҷқәа аҧсны Аҳәынҭқарра абжьара-ҷыдатә ҵараиурҭақәа рыҟны  хәыда-ҧсада аҵара дырҵара;
<p>7) ахшарарацәа змоу аҭаацәа иахьынхаҵәҟьо аҭыҧ ала аҳәынҭқарратә хатәтәра иаҵанакуа анхарҭа ҭыҧ априватизациа азураан 50-процент рзеиҵатәра; 6 –ҩык ма инареиҳаны ахшара змоу ашәатәы рықәхра;
<p> 8) аҳәынҭқарратә акультуратә усбарҭақәа (амузеиқәа, атеатрқәа, ацәыргақәҵатәи аконцерттәи залқәа) льготалеи хәыда-ҧсадеи рҭаара акультура аусхк аҟны аҳәынҭқарратә напхагараҭаратә усбарҭа хада ишьақәнаргылаз аҧҟара инақәыршәаны;    
<p>9) 6 –ҩык ма инареиҳаны ахшара змоу аҭаацәарақәа рҭагылазаашьа аиҕьтәра хықәкыс иҟаҵаны иазырхиоу асоциалтә проектқәа руак алхразы азин рыдгалахоит.
<p>Азакәанапроект аҟны иҳәоуп зыхьӡ ҳәоу альготақәа рыҭазароуп ҳәа ахшарацәа змоу аҭаацәарақәа рыстатус шьақәзырҕәҕәо адокумент анагарала, адокумент аформеи аҭашьеи шьақәыргылахоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаарала.  
<p>«Ахшарацәа змоу аҭаацәарақәа асоциалтә дгылара рыҭара иазку ауснагӡатәқәа рзы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект азырхиахоит хымз рыҩныҵҟала. Иара асоциалтә усхк аҟны азакәанҧҵара азырхиара иазку апарламенттә усуратә гәыҧ иазнархиаз азакәанапроектқәа рпакетқәа ируакуп.  

<p>Хара имгакәа зыхьӡ ҳәоу апарламенттә Еилакы «Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны атәылауаа рзы асоциалтә маҵзура ашьаҭақәа рзи»  «Зықәранаӡам рхылаҧшарадареи рзинеилагарақәеи рсистема ашьаҭақәа рзи» азакәанқәа рыпроектқәа Аҧсны жәлар Реизара – Апарламент ахәаҧшразы ицәырнагараны иҟоуп.