НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа Урыстәыла Амш иазку адныҳәаларақәа дәықәиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара анапхгара  ахьӡала.
11.06.2018
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа Урыстәыла Амш иазку адныҳәаларақәа дәықәиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара анапхгара ахьӡала.

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Валери Кәарҷиа Урыстәыла Амш рыдиныҳәалеит Афедерациа Ахеилак алахәцәеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәеи. Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенкои Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав

Володини ирызку адныҳәалараҟны, ҷыдала иҳәоуп:

«Доуҳала аҵаулара, акультура, миллионҩыла атәылауаа рџьа, иреиҕьу аҵеицәа реихьӡара дуқәа – ари зегьы аныҧшуеит ашәышықәсақәа ирхаану милаҭрацәала иеиларсу Урыстәыла аҭоурых. Ҳазҭагылоу аамҭазы ихьыҧшым Урыстәылатәи Афедерациа аекономика арҿыцра, Урыстәыла иқәынхо ауааҧсыра рыҧсҭазаара аиҕьтәра, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара амҩа иануп.

Иахьа Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа есааира ихаҭәаауеит аиҩызара, агәылараеимабзиара, агәреибагарала, иҳәаақәҵоуп аидгыларалеи астратегиатә усеицуралеи. Агәра ҳгоит урҭ аҧхьаҟагьы рырҕәҕәара Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыжәларқәа реизҳазыҕьара изкны ишымҩаҧысло».