НОВОСТИ

Виачеслав Володин: «Жәларбжьаратәи афорум «Апарламентаризм аҿиара» – ари агәаанагарақәеи, аҧышәеимдареи, аҿиареи иҟоу ашәарҭарақәа рҿагылареи ирызку иактуалтәу азҵаарақәа разырхиаразы лшароуп».
04.06.2018
Поделиться в соцсетях:

Виачеслав Володин: «Жәларбжьаратәи афорум «Апарламентаризм аҿиара» – ари агәаанагарақәеи, аҧышәеимдареи, аҿиареи иҟоу ашәарҭарақәа рҿагылареи ирызку иактуалтәу азҵаарақәа разырхиаразы лшароуп».

Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа Жәларбжьаратәи афорум «Апарламентаризм аҿиара» аусура иалахәуп. Уи аатит Москва, лаҵарамза 4 рзы. Афорум аҽалархәразы иааит 96 тәыла рхаҭарнакцәа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа Афорум аусура аазыртыз апленартә еилатәара далахәын.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ицҳамҭа даҧхьеит Гарри Минх – Аҳәынҭқарратә Думаҟны УА Ахада азинмчызмоу ихаҭарнак. «Шәара шәфорум иеизнагеит апарламенттә делегациақәа, аполитикатә партиақәа раҧхьагылаҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, атәылақәа жәпакы рыҟнытә аекспертцәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа. Ас еиҧш алахәцәа нагақәа рыҟазаара аиҧылара иамоу астатус ҳаракы атәы аҳәоит», – ҳәа азгәаҭан ацҳамҭаҟны.

Афорум аҿы иара убас иаҧхьан Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенкои Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови рыҟнытә ацҳамҭақәа.

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин Жәларбжьаратәи афорум «Апарламентаризм аҿиара» аартуа, иазгәеиҭеит ҳазҭагылоу аамҭазы жәларбжьаратәи азин асистемеи аглобалтә шәарҭадареи аан ишьҭыҵуа апарламентаризм аинститут ароль. Уи иҳәеит: «Асанкциақәа рыла ақәыҕәҕәара ҟаҵаны аицәыхарареи аҧынгылақәеи рыбжьаҵаразы аҽазышәара, аглобалтә ҿиара апринципқәа: аартра, аидгылара, аихьыҧшра, аколлективтә ҭакҧхықәра ирҿагылоит» ҳәа.

Афорума иалахәу русура иацҵан х-секциак рҳәаа иҭагӡаны. Урҭ рыҟны агәҭатәи атема – ҳазҭагылоу аамҭазтәи апарламентаризм аҿиара ада – ирылацәажәан жәларбжьаратәи ашәарҭадара, адунеитә економика аҿиара закәанҧҵарала рышьақәырҕәҕәараҿы апарламентқәа инарыгӡо арольқәа рызҵаара.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниеи Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа 2-тәи амаӡаныҟәгаҩ Нури Хәарцкиеи асекциа «Амилаҭтә закәанҧҵара аҿиара: исуверентәу ажәларқәа ирызку азинырҿиара, иреиҕьу аҧышәақәа реимдареи жәларбжьаратәи агармониатәреи» аусура иалахәын. Адкылара ҟазҵоз аган аҟнытә модераторс дықәгылеит Ольга Севастианова – Аҳәынҭқарратә Дума Аилак аконтроли Арегламенти Ахантәаҩы.

Асекциаҟны ажәахә ҟаҵо, иқәгылеит Виктор Блажеев - О. Е. Кутафин ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә зиндырратә академиа аректори арегионтә политикеи Аҩадеи Мрагылара Наскьеи ирызку апроблемақәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аилак ахантәаҩы Николаи Харитонови. Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа инапынҵала Вадим Бжьаниа ажәахә ҟаиҵеит «Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара аҷыдарақәак» захьӡыз атемала.