НОВОСТИ

Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҟны Урыстәыла Амш азгәарҭеит
08.06.2018
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҟны Урыстәыла Амш азгәарҭеит

<p>Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчызмоуи ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин иҟаиҵаз ааҧхьарала Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент  Валери Кәарҷиеи  Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәеи Ацҳаражәҳәарҭа иаҭааит Урыстәыла Амш азгәаҭара инамаданы.
  
<p>Валери Кәарҷиа Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Алексеи Двинианини Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аколлективи амилаҭтә ныҳәа – Урыстәыла Амш рыдиныҳәалеит.  
Урыстәыла Амш азгәаҭара ҵас бзианы ишьақәгылеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҟынгьы. Иахьа Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа есааира рырҕәҕәара, агәылараеимабзиара, астратегиатә усеицура иацхраауеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа.  

<p> Валери Кәарҷиа  Алексеи Двинианин изеиҕьаишьеит ахирра, Урыстәыла ажәлар зегьы  - аҭынчра, аизҳазыҕьара!