НОВОСТИ

Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент изаамҭанытәиу аилатәара
28.06.2018
Поделиться в соцсетях:

Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент изаамҭанытәиу аилатәара

Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы  Валери Кәарҷиа напхгара ззиуаз ааҧынтәи асессиа аилатәара.

Ирыхәаҧшит иагьрыдыркылеит актәи аҧхьараан Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа рыпроектқәа:


«Изыцҵоу ахәҧсазы ашәахтә азы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны Аҧсны Ахада ихаҭарнак Дырмит Шамба.

  «Зықәранаӡам рхылаҧшрадареи рзинеилагарақәеи апрофилактика асистема ашьаҭақәа рзы»  
Ажәахәҟаҵаҩ – В. В. Агрба

«Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла аҧсахрақәа ралагаларазы»
Ажәахәҟаҵаҩ - Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аветеранцәеи аибашьра аинвалидцәеи рзы Аилак ахантәаҩы  Алхас Џьынџьал.

Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Аҳәынҭқакрра-зинтә политиказы Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Каха Пертаиа.

Ирыхәаҧшуп маӡалатәи абжьыҭира алҵшәала ирыдыркылеит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент  ақәҵарақәа:
Амыҷба Л. В. Аҧсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аӡбаҩ имаҵурахьы лалхра  иазку».
        «Сагариа С. В. Аҧсны Аҳәынҭқарра Арратә ӡбарҭа аӡбаҩ имаҵурахьы иалхра  иазку».
        «Сангәлиа Е. Иу. Гәылрыҧшь араионтә ӡбарҭа аӡбаҩ имаҵурахьы иалхра  иазку»  .                    
        «Шевхужев А. С. Гагра араионтә ӡбарҭа аӡбаҩ имаҵурахьы иалхра  иазку».  
Ажәахәҟаҵаҩ – Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны Аҧсны Ахада ихаҭарнак Дырмит Шамба.
      
Ирыхәаҧшуп маӡалатәи абжьыҭира алҵшәала ирыдрымакыӡлеит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент  ақәҵара:

«Жәларбжьаратәи апарламентбжьаратәи еимадарақәеи ҳџьынџьуаа рымадареи рзы Аилак ахантәаҩы Арӡынба Д.Г. изы.».
Ажәахәҟаҵаҩ – Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы  Валери Кәарҷиа.