НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа русура хацдыркит
10.09.2018
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа русура хацдыркит

Апарламент аҧсшьарамшқәа рхыркәшара ашьҭахь Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа русура напы адыркит ҭагалантәи асессиа аҳәаақәа инарықәыршәаны.  

Иахьа имҩаҧысит есымчыбжьатәи адепутатцәа реилацәажәара. Уи напхгара аиҭон Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа. 

 Аусура алагамҭазы адепутатцәа минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит машәырла иҭахаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр Геннади Гагәылиа. Аилацәажәараан адепутатцәа аҧхьаҟатәи аусура азҧхьагәаҭа иахцәажәеит. Убри инадкыланы ирылацәажәеит хара имгакәа изхәаҧшраны иҟоу закәанапроектқәак ирыдҳәалоу азҵаарақәа, иара убас Анагӡаратә мчхареи Апарламенти русеицура азҵаарақәа.