Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа Геннади Леонид-иҧа Гагәылиа иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит ироуз ацәыӡ ду инамаданы.
"Машәырла дҭахеит Аҧыза-министр, иналукааша Аҧсны аҳәынҭқарратә усзуҩы Геннади Леонид-иҧа Гагәылиа.
Геннади Леонид-иҧа Аҧсни Урыстәылеи рыдагьы, адунеи егьырҭ атәылақәа рыҿгьы деицырдыруан, ҳаҭыргьы иқәырҵон аҧышәа ду змоу анапхгаҩы, аполитик ҟәыҕа, зус ибзианы издыруаз, ааҧсарак ҟамҵакәа аусура зылшоз ҳәынҭқарратә усузуҩык иаҳасабала. Геннади Леонид-иҧа ипатриотизмра, инапы злаикуа аус иарбанзаалак ҭакҧхықәрала иазнеира, иҧсадгьыл ахьыҧшымра ганрацәала ашьақәырҕәҕәаразы имҩаҧигоз аусура аныҧшуан дахьыҟазаалак, иарбан ҳәынҭқарратә маҵуразаалак аҟны. Илагаламҭа дууп уи иара убас аҧсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы. Ахә ашьара уадаҩуп иара хаҭала Аҧсны Аҳәынҭқарреи адунеи атәылақәа жәпаки рыбжьара аекономикатәи агуманитартәи еимадарақәа рышьақәгылараҿы илшамҭақәа.
Геннади Леонид-иҧа Гагәылиа иеиҧш аҳәынҭқарратә усзуҩы ду иаамҭаӡамкәа иҧсҭазаара иалҵра Аҧсны Аҳәынҭқарразы, ауаажәларразы цәыӡ дууп.
Хыҧхьаӡара рацәала иҩызцәа, иколлегацәа, дыздыруаз зегьы ахааназ рыгәқәа рҿы иаанхоит Геннади Леонид-иҧа Гагәылиа игәалашәара лаша. Иҧсаҭа бзиахааит!"
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

11.09.2018
Поделиться в соцсетях: