НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Аҧсны Аҳәынҭқарратә милаҭтә библиотека Аиҳабы Имшира идиныҳәалеит
20.09.2018
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Аҧсны Аҳәынҭқарратә милаҭтә библиотека Аиҳабы Имшира идиныҳәалеит

Ҳаҭыр зқәу Борис Шьаликәа-иҧа!


Аҧсны  Жәлар Реизара Аиҳабы В. Кәарҷиа  Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә библиотека  70 шықәса ихыҵра амш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә текст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:                                                                

"Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит 70 шықәса шәхыҵра амш. Ари ақәра иагьмаҷым иагьырацәам, шәыҕәҕәамҭа шәҭагылоуп.

Напхгара ззыжәуа Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә библиотека иахьатәи аамҭа иақәыршәаны қәҿиарала аус ауеит. Аамҭа уадаҩқәа ахҭнагахьеит ари акультуратә центр, аха Шәара ари аус аҿы иаашәырҧшыз агәацҧыҳәара иабзоураны, ахәыҷқәеи астудентцәеи инадыркны зыхьӡ нагоу аҭҵаарадырратә усуҩцәа рҟынӡа зегьы алшара рымоуп рҵарадырра аҩаӡара ашьҭыхра.

Еицырдыруа акы акәны иҟоуп аҿар рааӡара аҳәынҭқарра аргылараҿы ихадароу аҭыҧ шааннакыло, ибзианы ижәдыруеит ари азҵаараҿы амилаҭтә библиотека аҭакҧхықәра ду шаду. Напхгара ззыжәуа аколлектив иабзоураны амилаҭтә библиотека даара кыр зҵазкуа культуратә хәышҭаараны иҟалеит.

Иумбар залшом, аҿар ашәҟәы агәблыра дыркразы Шәара имҩаҧыжәго, зыҩаӡара ҳараку еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа традицианы ишыҟалаз.

Кыр иазҳаит абиблиотека ашәҟәтәы фонд. Идыруп, абиблиотекақәа закәаншьаҭала русура ахацыркразы иҟашәҵахьоу аҧшьгарақәа.

Аҳәынҭқарраҿы шәықәҿиарақәа рыхә ҳаракны ишьоуп, хаҭалагьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аҧсны жәлар рдоуҳатә культура аизырҳараҿы шәлагала дуқәа рзы.

Ҳаҭыр зқәу Борис Шьаликәа-иҧа!

Ишәзеиҕьасшьоит агәамч, агәабзиара, ақәҿиара дуқәа шәнапы злаку аус аҿы".



Ҳаҭырла,

Аҧсны  Жәлар Реизара

Аиҳабы                                                                               В. КӘАРҶИА

20. 09. 2018 ш.

АҞӘА