Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ҭагалантәи асессиа актәи аилатәара. Аилатәара хантәаҩра азиуан Валери Кәарҷиа.
Иахәаҧшуп иагьрыдкылоуп актәи аҧхьараан Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан.
Ажәахәҟаҵаҩ – Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи аекологиеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аилак ахантәаҩы
Ирыхәаҧшуп иагьрыдкылоуп Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ақәҵарақәа: «Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыҧшымреи 25 шықәса рхыҵра инамаданы амнистиа алаҳәара – 2018 шықәса цәыббрамза 30 рзы».
«Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыҧшымреи 25 шықәса рхыҵра инамаданы амнистиа алаҳәара – 2018 шықәса цәыббрамза 30 рзы» Ақәҵара ахархәара аҧҟаразы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Азинтә политикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи, ауаҩы изинқәеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аилак ахантәаҩы Валери Агрба.
«Степанов Г. А. Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аҳаҭыртә бҕьыц ианашьаразы». Ажәахәҟаҵаҩ – Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа.