Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш азгәаҭара аламҭалазы Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа аҳәынҭқарратә ныҳәа идылныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Валери Ермеи-иҧа!
Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилаки хаҭала сара сҟынтәи Шәаргьы Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәагьы ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Ахьыҧшымреи 25 шықәса рхыҵра амш.
Урыстәылеи Аҧсны рыбжьара ишьақәгылаз аиҩызаратәи агәреибагаратәи еизыҟазаашьақәа рыхә ҳаракны иаҳшьоит, урҭ хырхарҭа рацәа змоу ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа иузырҟәымҭхо ирыдҳәалоуп.
Афедерациа Ахеилак аҟны зҿлымҳара аҳҭоит ҳтәылақәа рыбжьара Кавказ арегионқәа рыҟны аҭынчра, ашәарҭадара, аҭышәынтәалара арҕәҕәараҿы астратегиатә усеицура иацхраауа урыстәыла-аҧснытәи апарламентбжьаратә диалог арҭбаара.
Агәра згоит ҳажәларқәа ирыбжьоу аилибакаара ду аусхкқәа зегьы рыҟны урыстәыла-аҧснытәи аусеицура ашьаҭақәа рырҵаулара ишазкхо.
Ҳаҭыр зқәу Валери Ермеи-иҧа, шәколлегацәа нашәыдкыланы ишәзеиҕьасшьоит азакәанҧҵаратә усураҿы аихьӡарақәа, Аҧсны жәлар – аҭынчреи аизҳазыҕьареи».
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

28.09.2018
Поделиться в соцсетях: