<p>Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аколлективи уи аветеранцәеи Аҧсуа телехәаҧшра аефир ахь раҧхьатәи ацәырҵра ҟалеижьҭеи 40 шықәса аҵра рыдиныҳәалеит.
<p>Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
<p>«Ателехәаҧшра, аиашазы, ҳтәылазы гәадуроуп, Аҧсны Аҳәынҭқарра иқәынхо ауааҧсыра рыҧсҭазааразы аҵак ду амоуп. Аҧсуа телехәаҧшра ацәырҵра аҧсуа интеллигенциа рзинхьчаратә қәҧара, ҳҳәынҭқарра ашьақәгылара аҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.
<p>Аҧсуа телехәаҧшра аколлектив аҧсуа жәлар рмилаҭтә қәҧара иалагылан есқьынгьы, аҧсуаа ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рзы рықәҧара адунеитә уаажәларра ирыладырҵәон, аҧсуа культура атрадициақәеи аҧсуа бызшәеи реиқәырхара иацхраауан. Ахаангьы аҧсуа жәлар рыцәгьеи рыбзиеи иаҟәыҭхамызт уҳәар алшоит.
Шәара иахьа Аҧснытәи ателерадиоеилахәыра ашьаҭаркыҩцәа ридеиақәа еихаҳауа, иҿыцу аартрақәа рымҩа шәануп, шәырҿиара ҳазҭагылоу аамҭа иашьашәалоуп, ауаажәларра рҭахрақәа ирықәшәоит.
<p>Ҳара агәра ҳгоит шәара ишәҟазшьоу апрофессионализм, аҧсуа уаажәларра рымаҵ аураҿы иныҟәыжәго аҭакҧхықәра аҧхьаҟагьы Аҧсны Аҳәынҭқарра аизҳазыҕьара иазку шәусура ишаныҧшло.
<p>Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит шәырҿиаратә гәҭакқәа рынагӡара, аҭынчра, ахирра!».
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

06.11.2018
Поделиться в соцсетях: