<p>2018 шықәса цәыббрамзазы ЛЖӘР-еи ДЖӘР-еи аӡбамҭа рыдыркылеит Донецктәии Луганкстәии жәлартә республикақәа рхадацәеи жәлартә хеилакқәеи рдепутатцәа ралхра амҩаҧгара. Урҭ мҩаҧысраны иҟоуп абҵарамза 11 рзы.
  
<p>Абри инамаданы, Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахаҭарнакцәа имҩаҧысуа алхрақәа ирҭаараны иҟоуп жәларбжьаратәи анаҧшыҩцәа раҳасабала. Аҧсны Аҳәынҭқарра адепутатцәа рделегациа иалалоит:  Алмасхан Арӡынба, Дмитри Дбар, Омар Џьынџьал,  Асҭамыр Логәуа.
<p>Донбасс аимак ҟалеижьҭеи Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ари ақалақь еиуеиҧшым анапынҵақәа рыманы изныкымкәа иаҭаахьан. Иара убас, иазгәаҭатәуп, 2016 шықәса жәабранмза 1 азы Аҧсны Аҳәынҭқарреи, Донецктәии Луганкстәии жәлартә республикақәа рпарламентқәа рнапхгаҩцәа рнапы аҵарҩит аусеицуразы аиқәшаҳаҭра.
                    ПОПУЛЯРНОЕ
                
              НОВОСТИ
                    
                      09.11.2018
                      
                    
                        Поделиться в соцсетях: