<p>Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа Денис Пушилин Донецктәи Жәлартә Республика Ахадас иалхра идиныҳәалеит.  
<p>Адныҳәалараҟны иҳәоуп: 
<p>«Ҳаҭыр зқәу Денис Владимир-иҧа! Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит  2018 шықәса абҵарамза 11 рзы Донецктәи Жәлартә Респбуликаҟны имҩаҧысыз жәларызегьтәи алхрақәа раан Донецктәи Жәлартә Респбулика Ахадас шәалхра.  
<p>Ҳара агәра ҳгоит алхратә кампаниа аихшьалақәа анырра рызҭаз Шәара шәполитикатә ҧышәа дуи шәзыҧсаны ишәымоу ахьӡи аҳәынҭқарратә маҵзура ҳаракы аҟны аҧхьаҟатәи шәусура ишацхраауа.  
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент  еиҭа ишьақәнарҕәҕәоит  Донецктәи Жәлартә Республика Жәлар Рхеилаки Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламенти  азакәанрҿиаратә усеицуразы ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра шьаҭас иаҭаны Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламенти Донецктәи Жәлартә Республика хырхарҭарацәала русеицура ишазхиоу.
<p>Ҳаҭыр зқәу Денис Владимир-иҧа, гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, анасыҧ, Донецктәи Жәлартә Республика аизҳазыҕьара ахьӡала аихьӡарақәа».
                    ПОПУЛЯРНОЕ
                
              НОВОСТИ
                    
                      14.11.2018
                      
                    
                        Поделиться в соцсетях: