НОВОСТИ

Игор Ахба Имшира идныҳәалара
05.02.2019
Поделиться в соцсетях:

Игор Ахба Имшира идныҳәалара

Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарчиа Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аҷыдалкаатәи Азинмчызмоуи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба Имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп: «Ҳаҭыр зқәу Игор Мураҭ-иҧа! Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала, хаҭала сара гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит 70-шықәсахыҵра!

Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳҳәынҭқарра асуверенитети ахьыҧшымреи рырҕәҕәараҿы, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реиҩызареи русеицуреи рырҿиараҟны Шәара шәлагаламҭа, ибеиоу шәыҧсҭазааратә ҧышәа акрызҵазкуа аҳәынҭқарратә уснагӡатәқәа рыӡбараҟны Шәара шәдыррақәа. Хаҭала Шәара шәалахәын ҳҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә усура ашьақәгылара аус.  Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа анаадырт инаркны Шәара шәнапхгарала аихьӡарақәа аманы аус ауеит уи аколлектив, адипломатиа аусхк аҟны амилаҭтә кадрқәа реиҵааӡаразы аҭагылазаашьақәа аҧҵоуп.  

Сара агәра згоит, Аҷыдалкаатәи Азинмчызмоуи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ имаҵураҟны Шәара шәусура аҧхьаҟагьы аҧсны-урыстәылатәи аусеицура арҭбаара, иара убас Аҧсни  егьырҭ аиҩызаратә еимадарақәеи рыҿиара ишрыцхраауа.

Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, анасыҧ, Аҧсадгьыл ахьӡала  имҩаҧыжәго аҭакҧхықәра зцу шәусураҟны аихьӡара ҿыцқәа ».