Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа Имшира идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Шәара иҟашәҵо рацәоуп урыстәыла-аҧснытәи аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы. Сара агәра згоит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думеи Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламенти русеицура ҳажәларқәа реиҩызара арҕәҕәара ишацхраауа.
Ишәзеиҕьасшьоит аихьӡарақәеи аманшәалареи».
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

10.02.2019
Поделиться в соцсетях: