НОВОСТИ

Рауль Ҳаџьымба Валери Кәарчиа Имшира идиныҳәалеит
11.02.2019
Поделиться в соцсетях:

Рауль Ҳаџьымба Валери Кәарчиа Имшира идиныҳәалеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарчиа Имшира идиныҳәалеит.  

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Валери Кәарҷиа Аҧсны Аҳәынҭқарра аргылараҟны илагаламҭа, иара убас иҳәеит аринахысгьы Аҧсадгьыл амаҵураҟны аҧхьаҟагьы илшарақәа рыгәра шиго.
  Ахада иаҵшьны иҳәеит иуадаҩыз аамҭақәа раан абиҧара еиҳабацәа, амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара аветеранцәа рхаҭарнакцәа, урҭ дрыҵанакуеит Валери Кәарҷиа, Аҧсны аинтересқәа рыхьчаразы иҟарҵаз ҳҳашҭыр шыҟамло, есқьынгьы ҳаҭыр шақәҵалатәу.

Аҳәынҭқарра Ахада Валери Кәарҷиа изеиҕьеишьеит аихьӡара ҿыцқәа, ақәра ду.

Валери Кәарҷиа Рауль Ҳаџьымба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адныҳәаларазы.