Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра Адиректор хада Роланд Бганба напхгара ззиуаз аколлектив ахаҭарнакцәа идикылеит.
Аиҧылараҟны амилаҭтә телехәаҧшра аинформационной политикеи ААТЕ анапхгареи адирекциеи русура иадҳәалаз инарҭбааны азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аиҧылара иалахәын Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Левон Галустиан, адепутатцәа: Гиви Кәарҷиа, Асҭамур Ҭарба, Венори Бебиа.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

19.02.2019
Поделиться в соцсетях: