НОВОСТИ

 Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит Андраник Миграниан иԥылара
10.09.2021
Поделиться в соцсетях:

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит Андраник Миграниан иԥылара

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа еицырдыруа урыстәылатәи аполитолог, Москватәи аҳәынҭқарратә жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ринститут аполитологиа акафедра апрофессор, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Андраник Миграниан иԥылеит.

Аиԥылара иалахәыз Аладатәи Кавказ иахьа иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.  

Ари аусмҩаԥгаьә, иалахәын  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Аиҳабы ихаҭыԥуаа Михаил Сангәлиа, Саид Ҳаразиа, Левон Галустиан, адепутатцәа Алхас Џьынџьал, Рауль Лолуа, Александр Цәышба, Ашот Миносиан, Ахра Абыхәба.

Иара убас аиԥылара далахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы  Руслан Ҳашыг. Уи иажәақәа рыла ари аусмҩаԥгатә еиҿыркааит Аԥсны Ажурналистцәа реидгылеи акыр шықәса раахыс иналукааша урыстәылатәии европатәии аинтеллектуалтә елита ахаҭарнакцәа рԥыларақәа еиҿызкаауа жәларбжьаратәи амедиа-клуб "Формат-А3".

Аиҩызаратә еиҿцәажәараан Валери Кәарҷиа Андраник Миграниан агәаларшәагатә ҳамҭақәа ииҭеит.