Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа Алада Уаԥстәыла Апарламент Ахантәаҩы Алан Тадтаев Иирамш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу Алан Сергеи-иԥа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала азин сышәҭозар, ишәыдысныҳәалоит Шәирамш!
Шәара шџьатә, шәыԥсҭазааратә мҩа – ааԥсарада Алада Уаԥстәыла Ареспублика атәылауаа рымаҵ аураҟны ҿырԥшыга бзиоуп.
Шәара шәыпрофессионализм ҳаракы, шәтәылауаҩратә позициа аринахысгьы аҳәынҭқарратә ргылара иазку ауснагӡатәқәа рымҩаԥгараҟны ицхыраагӡахоит ҳәа сгәы иаанагоит.
Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳ-Парламентқәа ирыбжьоу аиҩызареи аусеицуреи, аԥхьаҟагьы ҳреспубликақәа ринтересқәа рыхьчара иазку ганрацәалатәи ҳаимадарақәа аҿиара шроуагьы агәра ҳгоит.
Ҳаҭыр зқәу Алан Сергеи-иԥа!
Ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, аихьӡарақәа шәпарламенттә усураҟны".
ПОПУЛЯРНОЕ