НОВОСТИ

Валери Агрбеи Асҭамыр Логәуеи Аҳәынҭқарратә Дума аабатәи ааԥхьара адепутатцәа ралхрақәа анаԥшҩцәа раҳасабала иалахәын
20.09.2021
Поделиться в соцсетях:

Валери Агрбеи Асҭамыр Логәуеи Аҳәынҭқарратә Дума аабатәи ааԥхьара адепутатцәа ралхрақәа анаԥшҩцәа раҳасабала иалахәын

Валери Агрбеи Асҭамыр Логәуеи Аҳәынҭқарратә Дума аабатәи ааԥхьара адепутатцәа ралхрақәа анаԥшҩцәа раҳасабала иалахәын.
  
Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Вичеслав Володин иааԥхьарала Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Валери Агрбеи Асҭамыр Логәуеи анаԥшҩцәа раҳасабала Аҳәынҭқарратә Дума аабатәи ааԥхьара адепутатцәа ралхрақәа ирылахәын.  

Сынтәа  Аҳәынҭқарратә Дума VIII ааԥхьара адепутатцәа ралхрақәа рахь абжьыҭира мҩаԥысуан хымш — цәыббрамза 17, 18, 19 рзы Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа ррегионтәии рҭыԥантәии амчхарақәа русбарҭақәа ралхра надкыланы.

Аҳәынҭқарратә Дума VIII ааԥхьара алххоит хәышықәса ҳәа еилаԥсоу алхратә системала: 225-ҩык адепутатцәа алххоит апартиатә сиақәа рыла, даҽа 225 –ҩык — турк ала мандатк змоу аокругқәа рыҟны.