НОВОСТИ

Валентина Матвиенко Валери Кәарҷиа Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш идылныҳәалеит
29.09.2021
Поделиться в соцсетях:

Валентина Матвиенко Валери Кәарҷиа Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш идылныҳәалеит

  
Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы  Валентина Матвиенко Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа аҳәынҭқарратә ныҳәа идылныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
  «Ҳаҭыр зқәу Валери Ермеи-иԥа!
Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа – Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш.
Ҳара ҳажәларқәа ҭоурыхла аиҩызара рыбжьоуп, ԥсахрада еицхыраауеит, еидгылоит акыр шықәсқәа раахыс. Агәра ганы сыҟоуп агәреибагареи аилибакаареи рыла ишьақәгылоу ари аимадара урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы рыҿиара шьаҭас ишаиуа.
Иахьа Аԥсны аизҳазыӷьара иаҿу ауаажәларра рымҩа иануп. Сара сганахьала ҳколлегацәа-апарламентарицәа ҳаиашьаратә аԥсуа жәлар реизҳазыӷьара иазку аҭакԥхықәра зцу русураҟны ганрацәала рыцхыраара сазхиоуп.  
Ҳаҭыр зқәу Валери Ермеи-иԥа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутаттә корпус зегьы нашәыдкыланы ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, аихьӡарақәа, Аԥсны атәылауаа зегьы – аҭынчреи аизҳазыӷьареи».