НОВОСТИ

Имҩаҧысит цәыббрамза 30 ауха Амҳаџьырқәа рыҧшаҳәаҟны иҟалаз ахҭыс инамаданы аусуратә еилацәажәара
04.10.2021
Поделиться в соцсетях:

Имҩаҧысит цәыббрамза 30 ауха Амҳаџьырқәа рыҧшаҳәаҟны иҟалаз ахҭыс инамаданы аусуратә еилацәажәара

Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа хантәаҩра ззиуаз аусуратә еилацәажәара. Уи цәыббрамза 30 ауха Амҳаџьырқәа рыҧшаҳәаҟны Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, аибашьра аветеранцәеи, амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара  иҟалаз ахҭыс иазкын.
Аилацәажәара аартуа, Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа иҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара иҟалаз аимак инамаданы ауснагӡатәқәа шымҩаҧгоу аҭагылазаашьа обиективла аилыргаразы.

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат  Гиви Кәарҷиа игәаанагарала,  Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа зыпҟаз рганахьала ашьаус хацырктәуп. «Аветеранцәа, аибашьра аинвалидцәа ишакәым изныҟәаз аҭамзаара шьҭарымҵеит. Шәаҳхәышәтәуеит ҳәа рарҳәеит. Ари тәамбароуп.  Иахьагьы ашьаус хацыркӡам, ирыхәҭоу ахьырхәра шьақәыргылаӡам аветеранцәа зыпҟаз», - иҳәеит адепутат Гиви Кәарҷиа.
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат Натали Смыр адепутатцәа ркьымсра рхыхра хаха дшаҿагыло атәы лҳәеит.  Илҳәеит лколлега Гарри Кокаиа ихымҩаҧгашьа дшақәшаҳаҭым, аха Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рыпҟара ҟалашьа шамамыз.

Ухахьы иузаамго, игәыҧжәагоу фактуп ҳәа азиҳәеит ари ахҭыс адепутат  Дмитри Арӡынба. «Ахаан ари аҩыза ҟамлацызт, сгәыҕуеит аринахысгьы иҟаларым ҳәа. Иҟазҵада ари? Аҧсны Афырхацәа рыхшара.», - иҳәеит иара.

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат  Гарри Кокаиа иқәгылараҟны иҳәеит Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш аҽны ацәаныррақәа дышханаргалаз, иҟаиҵаз шыбзиам.  "Алхҩцәа зегьы, ажәлар рҿаҧхьа саҭамыз сҳәарц сҭахуп адепутаттә етика ахьеилазгаз азы», - иҳәеит иара.

Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ртәы далацәажәо, иҳәеит урҭ рзы ишхьымӡҕ дуу амилициа аусзуҩцәа ирзыруз.

Гарри Кокаиа иҳәеит апрокуратура аусбарҭақәа аус шрыциуа, ихәҭоу аҭакҧхықәра анагӡарагьы дшазхиоу, адепутаттә лакьымсра ахархәарагьы игәы ишҭам.

Адепутат иҳәеит иара иганахьала абжьыҭира аҽалархәрагьы аҭагылазаашьа алацәажәарагьы шиашам, убри аҟнытә аилатәара аанижьит.  

Адепутатцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаҵо, Апрокурор хада Адгәыр Агрба иҳәеит амилициа аусзуҩцәа иҟарҵаз макьана азинтә хәшьара шизамҭо. Уи иажәақәа рыла, азакәанҧҵара инақәыршәаны, ишьақәыргылоуп аҿҳәара иҟалаз ахҭыс азинтә хәшьара аҭаразы.  

Адгәыр Агрба иҳәеит Апрокуратура хада 15 мыш рыҩныҵҟала ахҭыс ганрацәалатәи аҭҵаара шалшо.  
Аилацәажәара аихшьалақәа рыла адепутат Леонид Чамагәуа иҳәеит иколлегацәа ахәаша, ма ашәахьа Апрокурор хада Адгәыр Агрба Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь дшаанаҧхьо   аусҭҵаараҟны иҟоу алҵшәақәа рылаиҳәаразы.