НОВОСТИ

Имҩаҧысит Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, афинансқәеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара
06.10.2021
Поделиться в соцсетях:

Имҩаҧысит Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, афинансқәеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаҧысит Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, афинансқәеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара. Аилатәарахь иааҧхьан аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, уи ихаҭыҧуаҩ Ирма Амыҷба, Аконтрольтә палата ахантәаҩы Роберт Аршба.
Амш азҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны иахәаҧшын «2021 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект.
  
Аилатәара иалахәын: Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Аиҳабы ихаҭыҧуаа Саид Ҳаразиа, Михаил Сангәлиа, Левон Галустиан, адепутатцәа.

Азакәанапроект алацәажәараан аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба хыҧхьаӡара рацәала адепутатцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит, уи ашьҭахь иӡбан «2021 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект ахәаҧшра ааигәа имҩаҧысраны иҟоу Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҟны актәи аҧхьараан адкыларазы.

Аилатәара мҩаҧылгеит Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Натали Смыр.