НОВОСТИ

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент                                       Аиҳабы                                                                              В. Кәарҷиа Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа реилазаареи аветеранцәеи дрыдныҳәалеит
11.10.2021
Поделиться в соцсетях:

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы В. Кәарҷиа Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа реилазаареи аветеранцәеи дрыдныҳәалеит


Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы В. Кәарҷиа Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа реилазаареи аветеранцәеи дрыдныҳәалеит.                                                                                  

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Иван-иԥа! Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа, Арбџьар Мчқәа аветеранцәа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа рымши Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра аԥҵоижьҭеи 29 шықәса аҵреи!
1992 шықәса жьҭаарамза 11 Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа рышьақәгылара иарыцхәны иҟалеит. Атәылахьчара аминистрреи Арбџьар Мчқәа р-Штаб Хадеи аԥҵан Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә Комитет Ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба Иусԥҟала Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аԥхьатәи амзақәа рзы.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа рҭоурых зегьы аҩныҵҟа хаҭалатәи аилазаара хьыӡла-ԥшала инанагӡоит амаҵзуратә уал, иаанарԥшуеит еицакра зқәым афырхаҵареи агәымшәареи, ахамеигӡареи апатриотизм иашеи.  

Абри амш аҽны ҳаҭырла рҿаԥхьа ҳхырхәоит, иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымреи ахақәиҭреи ҳзаазгаз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа. Шәара шәфырхаҵара, иаашәырԥшыз ахачҳара, Аԥсадгьыл абзиабара игыло абиԥара ҿыцқәа рзы иҿырԥшыга бзиоуп.  

Рыхьӡ кашәара ақәым ҳ-Аԥсадгьыл Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз!  

Абри аныҳәамш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа хаҭалатәи реилазаара ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, Аԥсадгьыл ахьчараҟны аринахысгьы аихьӡарақәа!»