НОВОСТИ

Натали Смыр ахԥатәи Евразиатәи аҳәса рфорум далахәуп
14.10.2021
Поделиться в соцсетях:

Натали Смыр ахԥатәи Евразиатәи аҳәса рфорум далахәуп

Санкт-Петербург ихацыркхеит ахатә Устә программа змоу ахԥатәи Евразиатәи аҳәса рфорум. Уи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Галина Карелова иҟалҵаз ааԥхьарала далахәуп Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарқәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апараламент аилак ахантәаҩы Натали Смыр.

Афорум еиҿыркааит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилаки Аҳәынҭқаррақәа Рпарламентбжьаратә ассамблеиа – Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла алахәцәеи.
Афорум мҩаԥысуеит жьҭаарамза 13-15 рзы, ихадоу уи аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит Тавриатәи ахан ашҭақәа рыҟны.  

Евразиатәи аҳәса рфорум — ари ҳазҭагылоу аамҭазы ауаажәларраҟны аԥҳәыс лроль ахцәажәаразы заҳаҭыр ҳараку жәларбжьаратәи ҭыԥуп.

Аусмҩаԥгатә темас иамоуп «Аҳәса: аԥсҭазаара ҿыц аҟны иглобалтәу амиссиа».
Афорум адискуссиа хадақәа азкын иглобалтәу ашәарҭадара, асоциалтә прогресс, аекономикатә, еизҳаразы, агәабзиарахьчареи зтехнологиа ҳараку аусхкқәеи рыҿиара алыршараҟны амодель ҿыцқәа рахь риасра, аекологиеи аҳауеи инарымаданы иҟоу иглобалтәу апроблемақәа рыӡбараҟны аԥҳәыс лроль ҿыц.  
Афорум аустә программаҟны иҟоуп апленартә еилатәарақәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа злахәу астратегиатәи аексперттәи сессиақәа, адискуссиатә шҭақәа, ауаажәларратә гәаанагара аԥхьагылаҩцәа, апаритеттә дискуссиақәа, аҳәынҭқарратә-хазхаҭалатәии абизнес-диалогқәеи, авебинарқәа, аусуратә еилацәажәарақәеи аустә шьыжьхьақәеи нарылаҵаны.

Ахԥатәи Евразиатәи аҳәса рфорум иалахәуп аҳәса-апарламентарицәа, амчхара анагӡаратә усбарҭақәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, аустә еилазаарақәа, аҭҵаарадырратә еидгыларақәа рхаҭарнакцәа, агәыҳалалратә проектқәа рнапхгаҩцәа, жәларбжьаратәи аҳәса реидгыларақәа рыҟнытә иналукааша аусзуҩцәа.