НОВОСТИ

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы В. Кәарҷиа Виачеслав Володин Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭдума Ахантәаҩы имаҵурахьы еиҭа иалхра идиныҳәалеит
14.10.2021
Поделиться в соцсетях:

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы В. Кәарҷиа Виачеслав Володин Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭдума Ахантәаҩы имаҵурахьы еиҭа иалхра идиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы В. Кәарҷиа Виачеслав Володин Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы имаҵурахьы еиҭа иалхра идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Виктор-иԥа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы имаҵурахьы еиҭа шәалхра.

Шара ишәымоу ахьӡ-аԥша, шықәсырацәалатәи шәԥышәа шәколлегацәа-апарламентарицәа рзы хьаҳәа-ԥаҳәада ҵаҵӷәны иаиуит абас еиԥш ихараку аҳәынҭқарратә маҵзурахьы еиҭа шәалхраан.

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума VIII ааԥхьара адепутатцәагьы Шәаргьы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит аусура ахацыркра.

Агәра ҳгоит  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума ааԥхьара ҿыци аԥхьаҟагьы аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рхырхарҭақәа зегьы рыла русеицуреи реимадареи ишрыцҵахо.

Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Виктор-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит лыҵшәа змоу азакәанрҿиаратә усура, аихьӡарақәа, агәабзиара, агәамч».