Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аҧҵоижьҭеи 43 шықәса аҵра амш рыдиныҳәалеит анапхгареи аколлективи.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдаҳныҳәалоит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥҵара амш!
Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра Аԥҵара амш!
1978 ш.абҵарамза 6 – аефир ахь ацәырҵра амш, Аԥсны Аҳәынҭқарразы акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит.
Шәара ишәымоу анапхгаратә ԥышәеи атәылауаҩратә позициеи ирыбзоураны иахьа Аԥсуа телехәаԥшра аҿиаразы амедиа-ҵакыраҟны имҩаԥыжәго аусура ахә ашьара уадаҩуп.
Ҳара агәра аагоит аринахысгьы ателехәаԥшра аусзуҩцәа азанааҭдырра ҳаракы аарԥшра, иактуалтәу адырраҭарақәа, иналукааша асоциалтә сиужетқәа раԥҵара, зҿлымҳара зуҭаша апроектқәа рынагӡара шрылшо.
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа зегьы, аветеранцәа ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, арҿиаратә еихьӡарақәа!»
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

06.11.2021
Поделиться в соцсетях: