НОВОСТИ

Ихыркәшоуп Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа XXXV Аконференциа аусура
22.10.2021
Поделиться в соцсетях:

Ихыркәшоуп Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа XXXV Аконференциа аусура

Ихыркәшоуп Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа XXXV Аконференциа аусура.

Ихыркәшоуп Ареспублики Крым Аҳәынҭқарратә Хеилак еиҿнакааз Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа XXXV Аконференциа аусура. Аусмҩаԥгатә мҩаԥысит инаскьагоу режимла.

Иахьа Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахантәаҩы - Ареспублики Крым Аҳәынҭқарратә Хеилак Ахантәаҩы Владимир Константинов имҩаԥигаз Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахеилак аилатәарақәеи апленартә еилатәарақәеи рыҟны Аԥсны Жәлар Реизара хаҭарнакра азиуан  АУАА аҵареи, аҭҵаарадырреи, акультуреи,  аинформациатә политикеи реилак алахәҩы Левон Галустиан.

   Ахеилак аилатәара иалахәын Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа иалоу аакәанԥҵаратә усбарҭақәа рделегациақәа рнапхгаҩцәа. Урҭ аилакқәа иацтәи реилатәарақәа реихшьалақәа рыла XXXV Аконференциа аилатәара амш азҵаара алаҵаразы Ахеилак ахь идәықәҵаз азыӡбақәа ирыхәаԥшит.  
XXXV Аконференциа аилатәара азеиԥштә мышхәаԥш аҟны ирыхәаԥшит 46 зҵаара. Урҭ зегьы заа АУАА аилакқәа рыҟны иҭҵаан.  

Аконференциа алахәцәа еицҿакны амш азҵаарақәа зегьы рыдыркылеит.
  
Аконференциа ахыркәшамҭазы Крым АУАА ахантәаҩразы азинмчқәа Севастополь ианаҭеит.

АУАА анаҩстәи Аконференциа мҩаԥысуеит 2022 шықәса ааԥынразы.