Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа ААР хаҭалатәи аилазаареи аветеранцәеи аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аԥҵоижьҭеи 100 аҵра инамаданы дрыдныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи хаҭалатәи аилазаареи гәык-ԥсык ала ирыдысныҳәалоит аԥсуа милициа аԥҵоижьҭеи 100 шықәса аҵра арыцхә!
Хамеигӡарак ҟамҵакәа шәара имҩаԥыжәго амаҵзура – ауаажәларратә ҭышәынтәалара, ҳҳәынҭқарра атәылауаа рыхьчара, рҭынчра аиқәырхара иазкуп.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа изныкымкәа рнапы иану аус иацу аҭакԥхықәра еилкааны, уи анагӡара хықәкыс ишрымоу идырҵабргхьеит.
Ҳара ҳмилициаҟны аус руеит азыҟаҵара бзиа змоу аспециалистцәа, Аԥсадгьыл апатриотцәа иашақәа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан амилициа аусзуҩцәа иреиӷьу аҟазшьақәа – агәымшәара, афырхаҵара аарԥшуа, Аԥсадгьыл ахьчаразы игылан.
Ҳара агәра ҳгоит амилициа аусзуҩцәа аринахысгьы урҭ реиҳабацәа рԥышәа, иаԥырҵаз атрадициа бзиақәа ишрықәныҟәало, набыцра ақәымкәа рнапынҵақәа шынарыгӡало, ҳтәылауаа рҭышәынтәалареи рҭынчреи рырӷәӷәара ишацхраало.
Абри аныҳәамш аҽны аҩныҵҟатәи асуқәа русбарҭақәа русзуҩцәа зегьы ирзеиӷьасшьиот агәабзиара, агәамч, рыҩнаҭақәа рыҟны анасыԥ, азакәанреи азинтә леишәеи ралыршараҟны аихьӡарақәа».
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
10.11.2021
Поделиться в соцсетях: