НОВОСТИ

Имҩаԥысит Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә еилакы аилатәара
10.11.2021
Поделиться в соцсетях:

Имҩаԥысит Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә еилакы аилатәара

2021 шықәса жьҭаарамза 3 рзы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент асессиа аилатәараҟны ирыдыркылеит «2021 шықәсазы  Ареспубликатә биуџьет азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан». .
         Ари Азакәан апроект алацәажәараан  Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аҟны Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аӡбаратә зыӡбақәа рыла ауалқәа ршәаразы иазԥхьагәаҭаз  90 млн мааҭ рыдрымкылаӡеит.  
      Аргыларатә еиҿкаарақәеи урҭ рнапхгаҩцәеи Аԥсны Жәлар Реизара Апарламент адепутатцәа ирыдҵаалеит еиҭа 2021 шықәсазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарра абиуџьет аԥсахрақәа ралагаларазы азҵаара азыхынҳәразы. Абри инамаданы  абҵарамза 10 рзы имҩаԥысит Натали Смыр хантәаҩра ззылуаз Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара. Арахь иааԥхьан аргыларатә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи рхаҭарнакцәеи.  
      Аилатәара иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, уи ихаҭыԥуаҩ Михаил Сангәлиа, адепутатцәа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр  Владимир Делба.
      Иааԥхьаз аргыларатә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа ражәақәа рыла, 10 шықәса раахыс аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит зматериалтә ҭагылазаашьа акырӡа ихьанҭоу аусзуҩцәеи, аусуцәеи рыҟны. Урҭ ақәдырӷуеит аҳәынҭқарра иаду ахыдҵақәа зегьы шынагӡахо азы, аха есышықәса ргәыӷрақәа аӡра иаҿуп.  
     Акыраамҭатәи аилацәажәара ашьҭахь иӡбан ари азҵаара аус адулара иацҵатәуп ҳәа Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аҟны.