НОВОСТИ

Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, арҿыцрақәеи рзы аилак аҟны имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра афымцамчтә усхк адгыларазы аусмҩаԥгатәқәа рызҵаара иазку аилатәара
10.11.2021
Поделиться в соцсетях:

Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, арҿыцрақәеи рзы аилак аҟны имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра афымцамчтә усхк адгыларазы аусмҩаԥгатәқәа рызҵаара иазку аилатәара

Абҵарамза 10 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра афымцамчтә усхк адгыларазы аусмҩаԥгатәқәа рызҵаара иазку Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, арҿыцрақәеи рзы аилак аилатәара.
Азҵаара алацәажәара иалахәын адепутатцәа Алхас Џьынџьал, Гиви Кәарҷиа, Асҭамыр Ҭарба. Аилатәара мҩаԥигеит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, арҿыцрақәеи рзы аилак ахантәаҩы  Александр Цәышба.
       Адепутатцәа раԥшьгарала Апарламент ахь иааԥхьан АЕА «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада ин.н. Ҭенгиз Гырџьынбеи егьырҭ ахаҭарнакцәеи. Урҭ алацәажәеит  афымцамч аусхк акоммерциатә шәҟәҭаҩразы афымцамчтә автоматыркратә система шықәсыла еихшаны апрограмма анагӡара, иара убас ари апрограмма аус аруразы ахарџь амҽхак.    
       Адепутатцәа азҵааит атәылаҟны иҟоу афымцамчтә усхк аҭагылазаашьа.  
Ишазгәаҭаз ала, Аԥсны Аҳәынҭқарра афымцамчтә системаҟны аҭагылазаашьа даара иуадаҩуп.       Иҟоу амчхарақәа азхаӡом ауааԥсыреи иааизакны аекономикеи рҭахрақәа ралыршаразы.  Ари аихшарҭатә каҭақәа ражәреи аматериалтә-техникатә базеи рыҟамзаара, иара убас изакәанымкәа акриптовалиута арҳареи ирыхҟьаны уахыки-ҽнактәи афымцамчхархәара акырӡа аизҳареи  хархәара зырҭо афыимцамч ахәԥса аизгара акырӡа иалаҟәреи ирыдҳәалоуп.  Иааԥхьаз азҵаарақәа рыҭо, адепутатцәа рықәгыларақәа раан иаҵшьны ирҳәеит ихадараны ишықәгылоу Аԥсны Аҳәынҭқарра афымцамчтә система иамоу ақәыӷәӷәара ашьҭыҵра иахҟьаны ицәырҵыз апроблемақәа раԥыхра азҵаара.  
          Аилатәараҟны иҳәан 2022 ш. абиуџьет аҟны афымцамчгәаҭага мыругақәа раахәара арбара шаҭаху. Азыӡба рыдыркылеит Аԥсны Ахада ишҟа атәылаҟны афымцамчтә кризис иаҿагыланы ақәԥара иазку Аоперативтә штаб аԥҵаразы ажәалагала арбаны ашәҟәы азырхиара.   Иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура хада ашҟа ашәҟәҭаҩга амыругақәа раахәара иазкыз 100 млн мааҭк ихықәкылатәым ахархәара азҵаара ахәаԥшразы ашәҟәы адәықәҵаразы.  
         Аилатәара ахыркәшамҭазы адепутатцәа азааит Аԥсны афымцамчтә усхк 5 шықәсатәи аҿиареи аиҭашьақәыргылареи апрограмма азырхиара шаҭаху азы.