НОВОСТИ

Мураҭ Махариа Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа дахагылеит
14.11.2021
Поделиться в соцсетях:

Мураҭ Махариа Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа дахагылеит

Абҵарамза 14 рзы Измиҭ ақалақь аҟны (Ҭырқәтәыла) имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валериа Кәарҷиа напхгара ззиуаз аделегациа злахәыз Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа VII аизара ду.

   Аизара ду амшхәаԥштә аҟны зҵаара хаданы иқәгылан Афедерациа ахантәаҩи анапхгара алахәцәеи ралхра.
    
     Иахьа Ҭырқәтәыла аус руеит аԥсуа диаспора еизакны иахьынхо атәыла еиуеиԥшым араионқәа рыҟны иҟоу акультуратә центрқәа – адернекьқәа 17.
  
     Аизара ду аҟны дықәгылеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валериа Кәарҷиа. Уи иқәгылараҟны иазгәеиҭеит Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа Аԥсни Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспореи реизыҟазаашьа арҿиареи Ҭырқәтәыла аԥсуа бызшәеи акультуреи рыларҵәареи ишрыцхраауа.  

      Валери Кәарҷиа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала аҳәынҭқарратә ҳамҭа - «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианеишьеит аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсуа Федерациа напхгара азҭоз Аҭанур Аҟәысба.
Иара убас В. Кәарҷиа Аҭанур Аҟәысба арепатриантцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәра ауси ахатәы бызшәеи акультуреи реиқәырхареи, атәылақәа зегьы рыҟны иҟоу аԥсуа диаспора аидкылареи урҭ реимадарақәа рырӷәӷәареи рзы аҳаҭыр шәҟәы ианеишьеит.    

     Аизара ду аҟны иқәгылеит Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчызмоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ааигәа Мрагылареи Африкеи р-Департамент аиҳабы Инвер Алшәындба, уб.егь.

       Абри ашьҭахь абжьыҭирақәа хацыркын. Афедерациа ахантәаҩы имаҵзуразы кандидатцәас иқәгылан Мураҭ Махариеи Орал Абганбеи.  Абжьыҭира азин рыман Ҭырқәтәыла уажәы иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа 15 рыҟнытә аделегатцәа.

    Мураҭ Махариа изы рыбжьы рҭиит 175 –ҩык аделегатцәа, Орал Абганба изы – 98 делегат.
    Ишьақәыргылан иара убас Афедерациа Ахеилак аилазаара ҿыц.