НОВОСТИ

Имҩаԥысит Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак аилатәара
18.11.2021
Поделиться в соцсетях:

Имҩаԥысит Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак аилатәара

Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак аилатәара.

Аилатәараҟны ирылацәажәан азакәанапроектқәа: «Абанкқәеи абанктә усуреи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк (Аԥсны Абанк) азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы».

Аилатәара мҩаԥысит Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Натали Смыр лнапхгарала.  

Азакәанапроектқәа рыхцәажәара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк Ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа, иара убас Аԥсны Абанк аиуристцәеи аекономистцәеи.

Аилатәараҟны, ҷыдала, иазааҭгылан адепутат Алмас Џьапуа Аԥсны Аҳәынҭқарра акоммерциатә банкқәа акорреспондентә хыԥхьаӡарақәа Аԥсны Абанк адырра аҭарала раартра иазку иажәалагала, убасала, акоммерциатә банкқәа Аԥсны Абанк ақәиҭтәрада акорреспондентә хыԥхьаӡарақәа раартра азин рыҭара
.  
Беслан Бараҭелиа адепутатцәа раԥшьгара дадгылеит, избан акәзар акредиттә еиҿкаарақәа русура аиӷьтәра иацхраауа ари Азакәан аԥсахрақәа ралагалара аҭахны иҟалеит ҳәа иԥхьаӡоит.

Аилацәажәарақәеи арҽеирақәеи рнаҩс аилак аҟны иӡбан арҭ азакәанапроектқәа актәи аԥхьараан рыдкыларазы ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҟны рыхәаԥшра.

Аилатәараҟны иара убас ирылацәажәан Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟаекономикатә контроль аҳасаббареи «Авалиутатә ҳәаақәҵареи авалиутатә контроли  рзы» Азакәани.