Имҩаԥысит Натали Смыр напхгара зылҭоз Абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи,ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак аилатәара.
Аилатәараҟны иахәаԥшын «Аԥсны Аҳәынҭқарра Амҩатә фонд 2021 шықәсазтәи абиуџьет азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» Азакәан апроект.
Аԥсахрақәа ралагалара ҵаҵӷәыс иаиуит ахашәалақәеи аныхтәқәеи хазы игоу рхырхарҭақәак рырҽеира аҭахны иахьыҟалаз.
Азакәанпроект ахцәажәара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Амҩатә фонд ахаҭарнакцәа.
Аилак азыӡба аднакылеит абри азакәанпроект актәи аԥхьараан адкыларазы ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Жлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҟны ахәаԥшразы.
ПОПУЛЯРНОЕ
- Имҩаҧысит Абиуџьет, акредиттә еиҿкаарқәа, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аилатәара
- АҦСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА АҚӘҴАРА
- Иазԥхьагәаҭаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәара мҩаԥымсӡеит
- Валери Кәарҷиа Екатерина Бебиа Лымшира лыдиныҳәалеит
- Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара
НОВОСТИ
23.11.2021
Поделиться в соцсетях: