НОВОСТИ

Имаҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент изаамҭанытәим асессиа аилатәара
24.11.2021
Поделиться в соцсетях:

Имаҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент изаамҭанытәим асессиа аилатәара

Имаҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа имҩаԥигаз изаамҭанытәим асессиа аилатәара

Адепутатцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра азинхьчаратә системаҟны ишьақәгылаз асистематә кризис инамаданы, Аԥсны Жәлар-патриоттә еидгылараҟнытә Аԥсны Жәлар Реизарахь иаашьҭыз ааԥхьара иахәаԥшит.
Аилатәара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор Хада Адгәыр Агрба, ақалақь апрокурор Алхас Агәмаа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут.

Изаамҭанытәим асессиа аилатәараҟны иҟаз Аԥсны Жәлар-патриоттә еидгылара ахаҭарнакцәа ирҳәеит атәылаҟны имҩаԥысуа апроцессқәа рзы агәынамӡара ирымоу атәы.

АЖӘПЕ ахьӡала апарламентари ирызкыз ааԥхьара даԥхьеит "Аидгылара" иреиҳаӡоу ахеилак алахәҩы Лаша Шамба.
Ааԥхьараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Аԥсны Жәлар-патриоттә еидгылара» Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны азинхьчаратә системаҟны ашьақәгылара иаҿу асистематә кризис инамаданы   агәҭынчымра ду рымоуп.  .
Аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи иҟарҵаз аҳәамҭақәа рыла атәыла анапхгара азхьадырԥшуан Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара ӷәӷәала аилагара афактқәа иаразнак рықәҿыҭра, хшыҩзышьҭра арҭаразы.

Ауаажәларра рыҩныҵҟа ахылҟьа-ҿылҟьа ду аиуит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа закәанеилагарала рхымҩаԥгашьа, ҷыдала: 2021 шықәса нанҳәамза 12 рзы атәылауаҩ Аҭеиба А. Гагратәи ААР аԥхьакырҭаҟны ипҟареи аҽшьра аҟынӡа инагареи, ашьҭахь ахәшәтәырҭаҟны зыԥсҭазаара иалҵыз, 2021 шықәса цәыббрамза 30 рзы Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи рымш аҽны аветеранцәа-аинвалидцәеи Апарламент адепутати рыпҟара, уаҩы ибартә иҟоуп Апарламент адепутатцәа раҳаҭырларҟәра хықәкыс ишьҭыхны ашьаус еиқәырҽаҽарақәа.

Амаҵзуратә зинмчқәа системала реилагара, апрофессионализмра, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рахьмырхәра иапофеозны иҟалеит 2021 шықәса абҵарамза 16, 07:00 сааҭ рзы Гагра ақ. аҟны атәылуаҩ Кетиа А.Ф. иеихсны ишьреи Хагәыш О.Р. ихәреи, ацәгьоура ҟарҵараны иҟан ҳәа агәаанагара инадҳәаланы».

«Даара агәҭынчымра ҳнаҭоит Аконституциеи, азакәанқәеи рықәныҟәара, атәылауаҩ изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара, ауаажәларреи аҳәынҭқарреи ринтересқәа рзықәԥара функциа хадас измоу Апрокуратура хада аганахьала ахҭысқәа рықәҿыҭра ахьыҟам. Ганкы мацара адгыларала афактқәа рыхә ашьара, аԥаршеира, иҵаҵӷәыркымкәа амчрақәа ирҭахым ахара рыдҵаразы аполитикатә дҵа анагӡара Апрокуратура хадазы ихадароу методхеит, рхы иадырхәо мыругахеит.  
  
Атәыла анапхгара имҩаԥнаго аҳәынҭқарратә террор аполитика, атәылауаа рыршәара, аидеологиатә шьаҭақәа рыҵшәаара, хәызмоу ахырхарҭақәа рыԥсахра Аԥсны аҳәынҭқарратәра иацәтәымуп, хымԥада Аԥсны атәылауаа рзы иҵоурам алҵшәақәагьы рхылҿиаауеит», - аҳәоит ааԥхьараҟны.

  Апарламент адепутатцәа рганахьала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусура инамаданы азҵаарақәа жәпакы шьҭыхын.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хада Адгәыр Агрбеи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари алацәажәеит ауаажәларра рыҩныҵҟа ахылҟьа-ҿылҟьа рацәаны измоу  ацәгьоурақәа русеилыргара шцо атәы.

  2021 шықәса абҵарамза 16 рзы Гагра ақ. аҟны ашьаустә ԥшаара аусзуҩцәеи ҩыџьа ауааи рыбжьара имҩаԥысуаз аиҿахысраан аӡәы дҭахеит, аҩбатәи дырхәит. Имҩаԥысуа аусеилыргара алҵшәақәа рыла урҭ амилициа аусзуҩы иқәлараны иҟан.

Адгәыр Агрба иажәақәа рыла, ари афакт азы ашьаус хацыркуп, аԥшааратә усмҩаԥгатәқәагьы цоит. Уи амилициа аусзуҩцәа рхымҩаԥгашьа азинтә ҟазшьа рымоуп, аилагара ыҟаӡам, амаҵзуратә зинмчқәа ирхымсӡеит ҳәа иԥхьаӡоит.
  
Апрокурор хада иҳәеит  Гагратәи амилициа аҟәша аԥхьакырҭаҟны икнаҳаны ирбаз Анри Аҭеиба иус ала  амилициа аусзуҩцәа рганахьала аус хацыркуп.

Акыраамҭа имҩаԥысуаз ахцәажәарақәа рышьҭахь Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны азинхьчаратә система акризис аҿиара ианамаданы, ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы хырԥашьа змам, ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа рзы» ақәҵара иахәаԥшит. Абжьыҭира алҵшәақәа рыла ари ақәҵара рыдрымкылаӡеит.