НОВОСТИ

Имҩаԥысит Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак инарҭбаау аилатәара
03.12.2021
Поделиться в соцсетях:

Имҩаԥысит Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак инарҭбаау аилатәара

Аилатәара мҩаԥигеит Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак  ахантәаҩы Илиа Гәниа.
Аилатәараҟны темас иқәгылан 2021 шықәса ԥхынҷкәынмза 2 рзы Феисбук асоциалтә каҭаҟны анонимтә даҟьа аԥҵареи урҭ рыҟны амчрақәа рхаҭарнакцәа рыхьӡала раҳаҭыр лазырҟәуа аҳәамҭақәа ранҵаразы зыгәҩара ыҟаз атәылауаа Анжела Бранӡиеи Лолита Ҳалуашьи рганахьала ихацырку ашьаус инамаданы иҟалаз ахҭыс.    
       Аилатәара иалахәын Аҳәынҭқарратә шәарҭадара ахеилак ахантәаҩы Роберт Киут, Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хада Адгәыр Агрба, Аҟәа ақалақь апрокурор ихаҭыԥуаҩ Алиас Ҭраԥшь. Урҭ адепутатцәа ахҭыс инарҭбааны ирзалацәажәеит.  
Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хада Адгәыр Агрба ишиҳәаз ала, ари азҵааразы ашьаус хацыркны Аҟәа ақалақь Апрокуратурахь идәықәҵоуп.  «Аусҭҵааразы аусеилыргара анапы ианҵоуп Аҟәа  ак. Апрокуратура. Имаҭәашьару арҵабыргыгақәа раарԥшреи рылгареи ирызку зыда ԥсыхәа ыҟам ихымԥадатәу аусқәа рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны, АПЗ анормақәа инарықәыршәаны, анхарҭа ҭыԥ ала аусҭҵааратә уснагӡатәқәа русеилыргаразы азыӡба рыдкылоуп, ҷыдала, иазгәаҭоу ахаҿқәа рынхарҭа ҭыԥқәа рыла аԥшаара амҩаԥгаразы. Ҳазҭагылоу аамҭазы заатәи аусҭҵаара алагамҭатә аамҭахҵәахаҟны иҟоуп», – иҳәеит Аҟәа ақалақь апрокурор ихаҭыԥуаҩ Алиас Ҭраԥшь.      
      Адепутатцәа азҵааит Лолита Ҳалуашь луадаҟны ахысра ҟазҵаз атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Даҭо Қаџьаиеи Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиеи злахәыз аимак.
      Алиаса Ҭраԥшь иажәақәа рыла, Аҟәа ақ. ААР аҟны ишьҭоуп Даҭо Қаџьаиа инаимаданы агәаҭарақәа ирызку аматериал, хара имгакәа уи ашьаустә-зинтә хәшьарагьы шаҭахо, ашьаус ахацыркразы азҵаара иахәаԥшрангьы ишыҟоу.