Иахьа, ԥхынҷкәынмза 6 рзы имҩаԥысит Аԥсны Жлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа хантәаҩра ззиуз адепутатцәа есымчыбжьатәи русуратә еилацәажәара.
Аусура иалагаанӡа адепутатцәа ҳаҭырла дыргәаладыршәеит зыԥсҭазаара иалҵыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет - Аԥсны Жлар Реизара – Апарламент I ааԥхьара адепутат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу Клименти Џьынџьал.
Аилацәажәараан адепутатцәа ахцәажәеит русура аплан, ааигәа имҩаԥысраны иҟаз аилактә еилатәарақәа рыҟны иалкаау азакәанапроектқәа рыхәаԥшра, иара убас Апарламенти анагӡаратә мчхареи русеицура иазку азҵаарақәагьы налаҵаны.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

06.12.2021
Поделиться в соцсетях: