"Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала гәалсра дула срыдышшылоит Клименти Коте-иԥа Џьынџьал иуацәеи иҭынхацәеи иԥсҭазаара иалҵра инамаданы.
Идунеи иԥсахит ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы, Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент I ааԥхьара адепутат, «Ахьӡ-Аԥша» орден III аҩаӡара занашьоу.
Клименти Коте-иԥа ҳара даҳдыруеит згәы аартыз, гәык-ԥсык ала иҟаз, апатриот иаша, аԥсадгьыл абзиабара злаз аӡә иаҳасабала. Иааигәа иҟаз ауаа есқьынгьы ҳаҭырқәҵарала изыҟан, дахьыҟазаалак ауаҩра, аилибакаара, аҳәоуеиқәшәара рышьақәыргылара илшон.
Иаамҭаӡамкәа иԥсҭазаара иалҵра зегьы ҳзы цәыӡ дууп.
Клименти Коте-иԥа игәалашәара лаша рыцзаауеит изааигәоу ауаа реиԥш, хыԥхьаӡара рацәала иҩызцәеи иколлегацәеи".
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

06.12.2021
Поделиться в соцсетях: