НОВОСТИ

Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, арҿыцрақәеи рзы аилак аилатәара
16.12.2021
Поделиться в соцсетях:

Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, арҿыцрақәеи рзы аилак аилатәара

Ԥхынҷкәынмза 16 рзы имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, арҿыцрақәеи рзы аилак аилатәара. Уи напхгара аиҭон Аилак ахантәаҩы  Александр Цәышба.
Аилак амшхәаԥштә аҟны иқәгылан азҵаарақәа хԥа. Адепутатцәа ахәаԥшит «Аҳәынҭқарратә наплакы «Пицундатәи аԥсыӡкомбинат» аҭиразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан амчра ацәыӡра азхаҵаразы» азакәанапроект, «Апансионат «Аԥсны» амазаратә комплекс априватизациа иаҵанакуа ареспубликатә хатәтәра аобиектқәа реиқәыԥхьаӡа алаҵареи уи априватизациа азуразы аԥҟарақәа рышьақәырӷәӷәареи рзы», «Ԥасатәи агәабзиарачаԥарҭа «Абхазиа» амазаратә комплекс  априватизациа иаҵанакуа ареспубликатә хатәтәра аобиектқәа реиқәыԥхьаӡа алаҵареи уи априватизациа азуразы аԥҟарақәа рышьақәырӷәӷәареи рзы» ақәҵарақәа рыпроектқәа.
Урҭ рыхцәажәара иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа, Апарламент аҟны Ахада Ихаҭарнак Саида Быҭәба, иара убас Аҳәынҭқарратә мазареи априватизациеи напхгара рыҭаразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ  Михаил Ладариа.
Арҭ азҵаарақәа акыраамҭатәи, хәҭа-хәҭалатәи рыхцәажәара ашьҭахь аилак алахәцәа ирыӡбеит урҭ ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҟны ахәаԥшразы ирыдыргыларц.