НОВОСТИ

Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент асессиа аилатәара
17.12.2021
Поделиться в соцсетях:

Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент асессиа аилатәара

Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа хантәаҩра ззиуаз асессиа аилатәара.
Ирыхәаԥшын, аха абжьыҭира алҵшәақәа рыла ирыдрымкылаӡеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент абарҭ ақәҵарақәа:

«Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Арӡынба Алмасхан Зураб-иԥа иганахьала акьымсра ахыхра ақәшаҳаҭхаразы».
«Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Кокаиа Гарри Гәурам-иԥа иганахьала акьымсра ахыхра ақәшаҳаҭхаразы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хада Адгәыр Агрба.