НОВОСТИ

Валери Кәарҷиа Александр Коршунов ПМА Аконституциа амш идиныҳәалеит
24.12.2021
Поделиться в соцсетях:

Валери Кәарҷиа Александр Коршунов ПМА Аконституциа амш идиныҳәалеит

Аԥсны  Жәлар Реизара – Апарламент  Аиҳабы Валери Кәарҷиа Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Александр Коршунов Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Аконституциа амш идиныҳәалеит.  

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:  

«Ҳаҭыр зқәу Александр Виктор-иԥа!
Аԥсны  Жәлар Реизара – Апарламент  ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аҳәынҭқарратә ныҳәа  – Аконституциа амш.  
1995 шықәса ԥхынҷкәынмза 24 рзы ирыдыркылаз Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Аконституциа аҳәынҭқарра ашьаҭақәа арӷәӷәеит, аҳәынҭқарра аполитикатә, аекономатә, асоциалтә система аҿиара алнаршеит.
Ҳара агәра ҳгоит Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика атәылауаа абри аус аҟны иҟарҵо адгыларала еиҳагьы инарҭбааны иаԥсоу аԥсҭазаареи рхы иақәиҭны рыҿиареи алзыршо аконституциатә нормақәеи апринципқәеи рынагӡара ишацхраауа.
Гәыҩбарагьы ҳамаӡам Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи рыжәларқәа реиҩызара иабзоураны ҳҳәынҭқаррақәа ринтересқәа рыхьчара ахьӡала аԥхьаҟагьы ауснагӡатә ҿыцқәа рыӡбара шалыршахо.  

Ҳаҭыр зқәу Александр Виктор-иԥа! Шәколлегацәа-адепутатцәагьы, Шәаргьы, приднестровиатәи ажәлар зегьы ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аҭынчра, ахирра».